Украина, Днепропетровск ақалақьаҿ, ҧхынгәы 4 аџьабаратә мшны рылаҳәоуп
Украина, Днепропетровск ақалақьаҿ, ҧхынгәы 4 аџьабаратә мшны рылаҳәоуп

Украина, Днепропетровск ақалақьаҿ, ҧхынгәы 4 аџьабаратә мшны рылаҳәоуп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аурыс арбџьармчқәа имҩаҧыргаз ажәылара амшала хәҩык ҭахеит,  34ҩык ахәрақәа роуит. Украина ахада Владимир Зеленски ари аинформациа алаирҵәеит асоциалтә аҳаҿы.

Днепропетровск ахада иҳәамҭала, 2 школки, 3 ахәыҷбаҳчаки, ахәышәтәырҭеи аҧхасҭа ду роуит.

Днепропетровск азы имҩаҧгаз ажәылара ашьҭахь, Украина ахада Владимир Зеленски мраҭашәаратә партниорцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵан, Киев аҳаиртә хыхьчара асистемақәа арҭарц дрыҳәеит.