Украина ахада иофициалтә саит иану апетициаҿы Украина атәылауаа Борис Џьонсон Украина аҧыза-министрс иҟаҵара иаҳәоит
Украина ахада иофициалтә саит иану апетициаҿы Украина атәылауаа Борис Џьонсон Украина аҧыза-министрс иҟаҵара иаҳәоит.
«Акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит Борис Џьонсон Украина атәылауаҩра ианашьареи Украина аҧыза-министр иҭыҧ азы икандидатура ақәыргылареи алшара шахәаҧшырц. Аӡбара иҵоуроу аганқәа: Борис Џьонсон адунеи аҿы имоу адгылара; Украина ажәылара иаҿагылоу апозициа ҕәҕәа; аполитикатәи афинанстәи аиуристтәи усхкқәа рҿы адырра бзиа», — иануп апетициа атекст аҿы.
Уажәазы апетициа рнапы аҵарҩхьеит 500ҩык ауааҧсыра. Владимир Зеленски ари апетициа дахәаҧшырц азыҳәан аинициатива иадгылароуп 25 нызқьҩык иреиҵамкәа атәылауаа.