Украина Атәылахьчара аминистр - Украинеи Қыртәылеи зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррақәоуп, Нато алалара ҳҭахуп, ари азҵаара Урыстәылаҟны ҳахцәажәом
Украина Атәылахьчара аминистр - Украинеи Қыртәылеи зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррақәоуп, Нато алалара ҳҭахуп, ари азҵаара Урыстәылаҟны ҳахцәажәом

Украинеи Қыртәылеи зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррақәоуп, Нато алалара ҳҭахуп, ари азҵаара Урыстәылаҟны ҳахцәажәом,– иҳәеит Украина Атәылахьчара аминистр  Алексеи Резников Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист изықәиргылаз азҵара иаҭакны.

“Украина Нато алалара азцаара Урыстәылаҟны ҳахцәажәом.  Украинеи Қыртәылеи зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррақәоуп, ҳара Нато алалара ҳҭахуп. Ари ҳконституциа иалоуп. Ҳара ҳзы ари изакәануп. Ари азҵаара Урыстәылаҟны ҳахцәажәом,” – иҳәеит Алексеи Резников.