Украина Атәылахьчара аминистр - Украина аӷа ирратә ресурс нҵәоит, алогистикатә коллапс рықәшәоит
Украина Атәылахьчара аминистр - Украина аӷа ирратә ресурс нҵәоит, алогистикатә коллапс рықәшәоит

Украина Атәылахьчара аминистр Олекси Резников иҟаиҵаз аҳәамҭала,  Украина аӷа ирратә ресурс нҵәоит, алогистикатә коллапс ирықәшәоит. Ари атәы аминистр асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы ааицҳит.

“Украина аӷа ирратә ресурс нҵәоит, алогистикатә коллапс ирықәшәоит. Ари иазыԥхьагәаҭаны, аӷацәа ркапитулиациа атенденциа иазҳауеит, арратә маҵзуҩцәақәак мацара акәыс, агәыԥқәа роуп сызҿу,” – иҳәеит Резников.

Аминистр иажәақәа рыла, ампыҵахалаҩцәа реиқәырхара мҩа заҵәык иҟоуп – аҽаҭара.

Украина Атәылахьчара аминистрра  Урыстәыла амоу ацәыӡқәа ирызку адырра аланарҵәеит. Жәабран 24 инаркны хәажәкыра 5-нӡа имҩаԥысуа ақәԥарақәа раан иҭахеит 10 000-ҩык урыстәылатәи аруаа, украинаа иршьаҽит Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа ртанкқәа 269 цыра, иҭархоуп 39 аҳаирпланқәа, 40 аҵәиԥрыгақәа, 945 акәалӡмашьынқәа, 105 цыра  артиллериатә системақәа, 409 амашьынақәа, 60 атанкерқәа, апилот дызмам аԥырратә аппаратқәа хԥа, 60 абылтәы ахзна ацистернақәа, анышьқәа ҩба.