Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак идыррақәа рыла, Қырҭтәыла ацхыраарала, Украина ишьҭын 3000 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара
Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак Андреи Касанов идыррақәа рыла, Қырҭтәыла ацхыраарала, Украина ишьҭын 3000 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара.
Касанов ишааицҳаз агуманитартә аидара аҳасабла ишьҭын амедикаментқәеи, амаҭәақәеи, ахәыҷқәа рыфатә, агигиенатә маҭәарқәа.
“Иара убас иҭабуп ҳәа шәасҳәоит афинанстә цхырааразы. Ҭеҭрицыԥхьаӡа иабантәааиз ҳдыруеит, ауаҩыцыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ари аԥарала зегь реиҳа ихадоу – афатәи, ахәыҷқәа рыфатәи, амедикаментқәеи ааҳхәоит. Ари аалыҵ европатәи атәылақәа рҿы ааҳхәоит,” – иҳәеит Андреи Касанов.
Иара убас, Украина ацҳаражәҳәара ахаҭарнак Андреи Касанов Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украинеи украинатәи ажәлари рыдгыларазы иҭабуп ҳәа лаиҳәеит