Украина ацҳаражәҳәарҭа — Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә усзуҩцәа зыӡбахәы ҳәоу Украина атәылауаа рҧылареи раанкылара аҭагылазаашьақәа реилкаареи азы Қырҭтәыла азакәанхьчаратә органқәа рҟынтә азин аиуразы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟарҵоит
«Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә усзуҩцәа зыӡбахәы ҳәоу Украина атәылауаа рҧылареи раанкылара аҭагылазаашьақәа реилкаареи азы Қырҭтәыла азакәанхьчаратә органқәа рҟынтә азин аиуразы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟарҵоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ацҳаражәҳәарҭа Украина ҩыџьа атәылауаа рзы ашьауҕатә ус ахьацыркра иазкны ақырҭуа аган рҟынтә адырра амоуӡит.
«Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа Украина ҩыџьа атәылауаа закәандарала аҧжәага аиагаразы иаанкылоуп ҳәа ақырҭуа АИхқәа иаладырҵәаз аинформациа агәаҭара иаҿуп.
Ацҳаражәҳәарҭа Украина ҩыџьа атәылауаа рзы ашьауҕатә ус ахьацыркра иазкны ақырҭуа аган рҟынтә адырра амоуӡацт.
Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә усзуҩцәа зыӡбахәы ҳәоу Украина атәылауаа рҧылареи раанкылара аҭагылазаашьақәа реилкаареи азы Қырҭтәыла азакәанхьчаратә органқәа рҟынтә азин аиуразы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟарҵоит», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи русзуҩцәа Украина ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит.