Украина арбџьармчқәа рыштаб хада ақәԥарақәа ирызкны шьыжьтәи адыррақәа аладырҵәоит

Урыстәыла ажәылара иаҭакны, украинатәи жәлар аӷа иаҿагылоижьҭеи бжьымш ҵуеит,  – ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа Арбџьармчқәа рыштаб хада аоперативтә информациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аштаб хада аинформациа ала, Урыстәыла арбџьармчқәа мрагыларатәи аокруг ахәҭақәа 13 цыра акәалӡмашьынақәа рыла Гореничи, Гостомели, Демидови ирывсны Киев ахырхарҭала ажәылара амҩаԥгара иақәыркит.

“Аӷа, иманшәаламкәа, аракетатәи артиллериатәи жәылара нарыгӡоит, аҭынч тәылауаа рыршәара рҭахуп. Ҳар ирымоу атактика иаша иабзоураны, аӷа хәыҷы-хәыҷла аԥсыҽхара даҿуп. Аӷа ахырхарҭақәа зегьы рҿы ацәыӡ амоуп,” – иануп Арбџьармчқәа рыштаб хада аинформациа аҿы.