Украина анапхгара ишаарыцҳаз, Урыстәыла Харковтәи аобласт иҟоу аџьармыкьа абомбақәа ақәнажьит
Украина анапхгара ишаарыцҳаз, Урыстәыла Харковтәи аобласт иҟоу аџьармыкьа абомбақәа ақәнажьит

Украина анапхгара ишаарыцҳаз, Урыстәыла Харковтәи аобласт иҟоу аџьармыкьа абомбақәа ақәнажьит. Аӡәы дҭахеит, аахақәа заузгьы иҟоуп.

Украина ахада иофис анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Кирилл Тимошенко ишааицҳаз, урыстәылатәи ампыҵахалаҩцәа Харковтәи аобласт ахырхарҭала “С-300” атип змоу аракетақәа рышьҭит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аусуҩцәа. Аиқәырхаратә операциа нагӡоит.