Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аӡбамҭа инақәыршәаны, Рада адепутатцәа, урҭ рыбжьра Давид Арахамиеи, Лиза Иаськои Алексе Гончеренкои, адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа рымхуп
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аӡбамҭа инақәыршәаны, Рада шәҩыла адепутатцәа, урҭ рыбжьара Давид Арахамиеи, Лиза Иаськои Алексе Гончеренкои, адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа рымхуп.
Украинатәи агентра “Униан” аинформациа ала, ахада Владимир Зеленски игәахы ԥжәаны дыҟоуп адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа змоу ахаҿқәа урҭ хазхаҭалатәи ахықәкқәа рзы иахьадырхәо, аибашьраан аҳәаанырцә иахьцало.
“Униан” адыррақәарыла, адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа рымырхит аҳәаанырцә амаҵураныҟәара
ацара зыршаҳаҭуа адокументқәа раарԥшра залымшаз адепутатцәа, урҭ рхыԥҳьаӡара 225-ҩык иаҟароуп.