Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ари атәы ааицҳаит Рада ахантәаҩы Руслан Стефанчук.

Асоциалтә каҭаҿы Стефанчук ишааицҳаз ала, Кулеба ирзаҳал хара имгакәа имҩаԥысуа апленартә еилатәараҿ иахәаԥшуеит.

Иацы, Украина, рнапынҵақәа шьҭарҵеит хҩык аминистрцәа: Астратегиатә ааглыхра аминистр Олександр Камышин, Аиустициа аминистр Денис Малиуск, Аԥсабарахьчара аминистр Руслан Стрелец.

Лнапынҵақәа рышьҭаҵара иазку арзаҳал илҩит Европеи евроатлантикатәи аинтеграциеи рызҵаарақәаа рзы аминистр, Украина аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ольга Стефанишина.