Украина 10 раионк рҿы аҳауатә шәарҭа рылаҳәоуп
Украина 10 раионк рҿы аҳауатә шәарҭа рылаҳәоуп

Украина 10 раионк рҿы аҳауатә шәарҭа рылаҳәоуп. Анапхгара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит ахыҵәахырҭақәа рахь ииасырц.

Украина аҳауахьчаратә мчқәа рдыррақәа рыла, аракетатә жәылара Киеви, Житомири, Винницеи, Черкасы, Сумы, Полтавеи, Ривнеи рганахьала мҩаԥгахар ҟалап.

Уаанӡа, аҳауатә шәарҭа иахҟьаны, Киев иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аамҭала аусзура аааннакылеит.

Иара убас Украина иҟоу ацҳаражәҳәарақәа аамҭала рыркра иазкны аӡбара рыдыркылеит Испаниеи, Италиеи, Бырзентәылеи.