Wizz Air Қәҭешь аҟынтә Венециа ахырхарҭала мчыбжьык ахь ҩынтә ареисқәа нанагӡоит
Wizz Air Қәҭешь аҟынтә Венециа ахырхарҭала мчыбжьык ахь ҩынтә ареисқәа нанагӡоит

Wizz Air Қәҭешьтәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә Венециа ахырхарҭала мчыбжьык ахь ҩынтә ареисқәа нанагӡоит, – аанацҳаит Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидгыла.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ԥхынҷкәын 2 инаркны ареисқәа нанагӡоитAirbus A321neo аҳаирплан.

Абилеҭқәа раахәара Wizz Air асаит аҿы ҟалоит.

Аԥхынтәи анавигациатә сезон алагамҭазы Wizz Air Қәҭешьтәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә Мадриди,Гамбурги рхырхарҭала ареисқәа рынагӡара еиҭашьақәнаргылан, ажьырныҳәа инаркны ахырхарҭа ҿыц ала – Лион ахь ареисқәа рынагӡара алагеит.