Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, уаҵәы Қырҭтәыла китаитәи алаҵа «Sinopharm» 100 000 доза аиуеит.
Габуниа лажәақәа рыла, европатәи атәылақәа рыбжьара “Синофарм” ала авкцинациа Венгриаҿ иалагеит, алаҵа азхаҵара аиуит Венгриа иашьашәалоу аорган аҟынтә.
Ҭамар Габуниа ишаалыцҳаз ала, Қырҭтәыла “Синофарм” алаҵақәа рыҟаҵара иаауа амчыбжь азы иалагоит.