ВВС – Урыстәыла Европаҿ агазмҩангага аамҭала анаркуеит, аха, Евроеидгылаҿ агазмҩангага аусура еиҭашьақәгылом ҳәа ишәоит
Иахьа инаркны Урыстәыла Европа агазла аиқәыршәара еиҵанартәуеит аҭоурыхтә минимум аҟынӡа. «Газпром», апрофилактикатә усурақәа рзы, 10 мшы рыла агазмҩангага «Аҩадатәи апоток» аусура ааннакылеит, аха, Евроеидгылаҿ ари апроцесс иаҳа кыраамҭа инагӡахар ҳәа ишәоит, усҟан европатәи атәылақәа аенергетикатә кризис иҭагылоит. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.
ВВС адыррақәа рыла, апрофилактикатә усурақәа ирыдҳәаланы, агазмҩангага «Ҭырқәтәылатәи апоток» аҿы агаз аҭаӡара еиҵхеит 100 миллион кубометр аҟынӡа. Уажәазы, анеҩстәи 10 мшы рыҩныҵҟа, Урыстәыла, уахыки-ҽнаки рыла Европаҟа идәықәнаҵоит 75 миллион акубометр мацара агаз.
Амедиа адыррақәа рыла , абри аҩыза акризистә ҭагылазаашьа иадҳәаланы , иааиуа амшқәа рзы Евроеидгыла ахатә планқәа ирыдҳәаланы аанацҳауеит.