ВВС - Мариуполь, "Азовсталь" аштурм иалагеит, уа аҭынч тәылауаа иҟазар ҟалоит
ВВС - Мариуполь, "Азовсталь" аштурм иалагеит, уа аҭынч тәылауаа иҟазар ҟалоит

ВВС аинформациа ала, иазхаҵам Донецктәи жәлар рреспублика анапхгара “Азовсталь” аметаллургиатә зауад аштурм алагара иазкны аҳәамҭа аларанҵәеит.

“Ари аобиект аанкыларазы ҷыдала иалхыз ажәыларатә гәыԥқәа рхатә ус алагара иалагахьеит. Ари аус аҿы ҳацхраауеит урыстәылатәи авиациеи артиллериеи. Хара имгакәа украинатәи жәлар рпсевдоахьчаҩцәа иаҵахоит, Мариуполь ауааԥсыра рыргәаҟра ажәабжь уаҳа ҳаҳауам ҳәа ҳгәыӷуеит”, – урыстәылатәи аихқәа рҟны абри еиԥш аҳәамҭа ҟаиҵеит Едуард Басиурин – иазхаҵам Донецктәи жәлар рреспублика амилициа ахаҭарнак.