Украина ахада Володимир Зеленски ишиҳәаз ала, рашәарамзазы Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылас иҟалап ҳәа дгәыҕуеит.
Зеленски ари ааҳәамҭа ҟаиҵеит польшатәи иколлега Анџьеи Дудеи иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
«Евроеидгылашҟа Украина алалара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ҳҩызцәа гәакьацәа – аполиакцәа реиҧш абас ибзианы аӡәгьы изеилкаауам Украина кыраамҭа аҧхьа Евроеидгыла ишалалаз. Иҵабыргны иуҳәозар, ҳара ҳхәыцрақәа еиҧшуп, ҳхәыцрақәеи ҳгәыҕрақәеи еиҧшуп, ҳара, иҵабыргны, ҳхақәиҭреи ҳхьыҧшымреи ҳазықәҧоит», — иҳәеит Зеленски.
Иара иажәақәа рыла, аофициалла алахәызаара аиуразы абиурократиатәи атехникатәи зҵаарақәа ӡбатәуп, абри апроцесс ахысразы украинаа ацҳаражәҳәаҩцәа рымазароуп. Зеленски ишиҳәаз ала, Польша абри аҩыза ацҳаражәҳәаҩцәа иреиуп.