Володимир Зеленски - Украина хымҧада Евроеидгыла иалалоит
Володимир Зеленски - Украина хымҧада Евроеидгыла иалалоит

Украина ахада Володимир Зеленски ишиҳәаз ала,  рашәарамзазы Украина Евроеидгыла алаларазы  акандидат-тәылас  иҟалап ҳәа дгәыҕуеит.

Зеленски ари ааҳәамҭа ҟаиҵеит польшатәи иколлега Анџьеи Дудеи  иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

«Евроеидгылашҟа Украина алалара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ҳҩызцәа гәакьацәа – аполиакцәа реиҧш абас ибзианы аӡәгьы изеилкаауам Украина кыраамҭа аҧхьа Евроеидгыла ишалалаз.  Иҵабыргны иуҳәозар, ҳара ҳхәыцрақәа еиҧшуп, ҳхәыцрақәеи ҳгәыҕрақәеи еиҧшуп, ҳара, иҵабыргны, ҳхақәиҭреи ҳхьыҧшымреи ҳазықәҧоит», — иҳәеит Зеленски.

Иара иажәақәа рыла, аофициалла алахәызаара аиуразы абиурократиатәи атехникатәи зҵаарақәа ӡбатәуп,  абри апроцесс ахысразы украинаа ацҳаражәҳәаҩцәа рымазароуп.  Зеленски ишиҳәаз ала, Польша абри аҩыза ацҳаражәҳәаҩцәа иреиуп.