Володимир Зеленски - Ақырҭуа жәлар ирзеиӷьасшьоит ҳареи Еврпа егьырҭ ажәларқәеи ирыцны иҭынчу, иаку европатәи аҭаацәараҿ аҟазаара
Володимир Зеленски - Ақырҭуа жәлар ирзеиӷьасшьоит ҳареи Еврпа егьырҭ ажәларқәеи ирыцны иҭынчу, иаку европатәи аҭаацәараҿ аҟазаара

Ақырҭуа жәлар ирзеиӷьасшьоит ҳареи Еврпа егьырҭ ажәларқәеи ирыцны иҭынчу, иаку европатәи аҭаацәараҿ аҟазаара, – иеит Украина ахада Володимир Зеленски есымшатәи авидеонҵамҭаҿ, уи ақырҭуа жәлар ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит.

“Иахьа Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш иазгәарҭоит. Ақырҭуа жәлар ирзеиӷьасшьоит ҳареи Еврпа егьырҭ ажәларқәеи ирыцны иҭынчу, иаку европатәи аҭаацәараҿ аҟазаара. Ари азеиӷьсшьоит Қырҭтәыла зегьы, урыстәылатәи ампыҵахалара аҵаҟа иҟоу аҵакыадгьылқәа уахь иналаҵаны. Ари иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла  зегь иерҳа ижәытәӡоу, пату зықәҵатәу аҭоурыхтә мчуп, ари амч аҭархара ҟалашьа амам, ари агәра згоит. Ампыҵахалаҩ даҵахоит. Нагӡара ақәзааит зхы иақәиҭу Қырҭтәыла!” – иҳәеит Зеленски.