Владимир Зеленски - Украина Нато ахь  аашәыԥхьар азы аамҭа ааит
Владимир Зеленски - Украина Нато ахь аашәыԥхьар азы аамҭа ааит

Украина Нато ахь аашәыԥхьар азы аамҭа ааит, –  иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Киве, Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи иареи еицымҩаԥыргаз абрифинг аҿы.

Столтеенберги Зеленскии аиԥылараҿ ихадоу зҵарақәак ирыхәаԥшит, урҭ иреиун Раммштаин аформат алаа аиԥылара амҩаԥгареи, имҩаԥысран иҟоу Нато асаммити, Украина алианс алалара иреалу ашансқәеи ирызкыз атемақәа.

Зеленски иажәақәа рыла, Вильниус, ԥхынгәы азы имҩаԥысуа асаммит аҭоурыхтә хҭысхоит.

„Украина Нато алалара ахырхарҭала аполитикатә аӡбара адымкыларазы амзызқәа иҟам. Иахьа, Нато иалоу атәылақәа ртәылауааи Украина ауааԥсыра реиҳареи Нато алалара иадгылоит. Аӡбара адкылара аамҭа ааит. Евроатлантикатә шәарҭадара Украина ада изыҟалом, ажәлар ари еилыркаауеит.  Нато алалара ҳшәарҭадара гарантс ҟалоит”, – иҳәеит Зеленски.