Владимир Зеленски – Украина ажәылараз акәымкәа, ахыхьчара азоуп абџьар заҭаху
«Украина ажәылараз акәымкәа, ахыхьчара азоуп абџьар заҭаху», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Нидерланда аҧыза-министр Vарк Руттеи иареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
Зеленски ишиҳәаз ала, Руттеи иареи ашәарҭадара азҵаарақәеи Урыстәыла Украина иажәылар Москва иазышьақәдыргыло асанкциақәеи ирылацәажәеит.
«Ҳара имҩаҧааго аиҿцәажәарақәеи ҳпартниорцәа рҟынтә иҳауа ацхыраареи иахьа аргама алацәажәара сазыхиам. Иҳауа абџьар зегьы ахыхьчара иазкызароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳара аҭынчра ауп ҳзызхәыцуа. Адипломатиатә мҩала ҳтәыла адеокупациа ауп ҳзызхәыцуа. Аха, ҳҵакырадгьыл хәҭакгьы аӡәгьы иаҳҭом, абри ауп ҳазлацәажәо», — иҳәеит Владимир Зеленски.