Владимир Зеленски - Ҳара ажәылара ҳхаагеит, аҿагылаҩ ижәылара иахәҭаз аҭак аҳҭеит, ҳбџьармчқәа Киев иахылаҧшуеит
«Ажәабжь бзиа шәсырдырыр сҭахуп: ҳара ажәылара ҳхаагеит, аҿагылаҩ ижәылара иахәҭаз аҭак аҳҭеит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски ауааҧсыра рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, Киеви уи акәша-мыкәша иҟоу ақалақьқәеи украинатәи ар рнапаҿы иҟоуп.
«Ампыҵахалаҩцәа ҳҳәынҭқарра агәҭанытә ахәҭа ргар рҭахын. Рплан бгеит. Ҳара ҳҽаҧхьа изакәызаалак ҧыжәарак рымамызт. Ажәылаҩцәа рнапаҿы иҟаз зегьы рхы иадырхәит: аракетақәа, анырҵәагақәа, артиллериа, адиверсантцәа, адесант. Ампыҵахалаҩцәа анхарҭатә кварталқәа иржәылоит. Аенергетикатә обиектқәа рықәхра рҽазыркит», — иҳәеит Украина ахада.