Владимир Зеленски – Ҳара абарҭ аурыс аргәаҟҩцәа аҭак раҳҭоит
Владимир Зеленски – Ҳара абарҭ аурыс аргәаҟҩцәа аҭак раҳҭоит

«Ҳара абарҭ аурыс аргәаҟҩцәа аҭак раҳҭоит», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски  урыстәылатәи арбџьармчқәа рыла Киеви егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи рылахысра даналацәажәоз.

Зеленски ишиҳәаз ала, Урыстәыла – атеррор азы, иара убас, Путин – аахақәа рымҩаҧгаразы адҵа аҟаҵаразы аҭакҧхықәра рыдҵаразы аус руроуп.

«Украина  иахьа аурыс террористцәа идырбгаз зегьы еиҭашьақәнаргылоит.   ҳәарада, ҳара абарҭ аурыс аргәаҟҩцәа аҭак раҳҭоит.  Ҳара Урыстәыла  – атеррор азы, иара убас, Путин – аахақәа рымҩаҧгаразы адҵа аҟаҵаразы аҭакҧхықәра рыдҵаразы аус ҳуроуп. Уажәы Украина ЕАР Ашәарҭадара ахеилак аилатәара ҷыда ааҧхьара аинициативала иқәгылоит», — иҳәеит  Владимир Зеленски.

Иахьа урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина аганахьала имҩаҧыргаз аҳаиртә жәылараан 28ҩык ҭахеит.