Владимир Путин Урыстәыла астратегиатә ҽынкылара мчқәа ақәԥара арежим ҷыдахь ииасразы адҵа рииҭеит.
Ари атәы Урыстәыла ахада Владимир Путин ааицҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистри аштаб хада аиҳаби данырԥылоз.
Путин иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа рчинҳаракҩцәа Урыстәылатәи афедерациа аганахьала анрессиа злоу аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа илегитимым асанкциақәа мҩаԥыргоит.
„Нато иалоу атәылақәа рчинҳаракҩцәа ҳтәыла аганахьала агрессиа злоу аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Ари иахҟьаны, Атәылахьчара аминистри Урыстәыла арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳаби адҵа рысҭоит Урыстәыла астратегиатә ҽынкылара мчқәа ақәԥара арежим ҷыдахь ииаргарц“, –иҳәеит Путин.