Путин импыҵахалоу Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩыс Алексеи Двинианин дҟаиҵеит

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Алексеи Двинианин импыҵахалоу Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩыс дҟаиҵеит. Алексеи Двинианин  Семион Григориев ицынхәрас дықәдыргылеит.

Уи азы Аусҧҟа азинтә информациа азы аофициалтә портал аҿы икьыҧхьуп.

Алексеи Двинианин Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реиҩызара адепартамент адиректор ихаҭыҧаҩс дыҟан. Уи женеватәи адискуссиақәа рҿы Урыстәыла аделегациа напхгаҩы ихаҭыҧасгьы дыҟан.