Витали Кличко – Украина европатәи тәылас иҟаларцаз сдырреи, сенергиеи, сҧышәеи аҭаххар, исылшо зегьы ҟасҵоит
Витали Кличко – Украина европатәи тәылас иҟаларцаз сдырреи, сенергиеи, сҧышәеи аҭаххар, исылшо зегьы ҟасҵоит

Украина европатәи тәылас иҟаларцаз сдырреи, сенергиеи, сҧышәеи аҭаххар, исылшо зегьы ҟасҵоит, – иҳәеит Киев ахада Витали Кличко  „Армарахьтәи аҟәара“ иеиҭаз аинтервиу аҿы. Ажурналист иара диазҵааит Украина ахадас дҟалар иҭахума ҳәа.

„Атәыла ахадас аҟазаара аҧыжәароуп ҳәа згәы иаанаго рацәоуп, уи ииашам. Апрезидентра аҭакҧхықәра ду ацуп, уи уадаҩуп.  Сус ҟасҵоит, избанзар, Украина аҿиара змоу адемократиатә ҳәынҭқарразароуп ҳәа сгәы иаанагоит, адунеиаҿ еиҕьу тәылак иҟам.   Украина европатәи тәылас иҟаларцаз сдырреи, сенергиеи, сҧышәеи аҭаххар, исылшо зегьы ҟасҵоит“,- иҳәеит Кличко.

Иара иҳәамҭала,  уажәы  „амаҵзураҭыҧқәа рылацәажәара ҟалом, уи гаӡароуп, избанзар, ҳазынтәгьы хықәкык ауп иҳамоу  – аибашьраҿы аиааира“, апрезиденттә алхрақәа аныҟалалак, убасҟан ауп апрезидентра даналацәажәо.