Киеви уи иазааигәоу аиланхарҭақәеи рҿы аԥжәарабжьы гон, – ари атәы аарыцҳаит ВВС-и Роитери ркорреспондентцәа.
Ателеграмм каналқәа рҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп Киев алҩа шыларҵәаз.
Киев ахада ишааицҳащ, аракетатә жәылараан аракетақәа аҩнқәа ираахеити. Аҳауахьчаратә система рыла ракетақәак ҭадырхеит.
Иахьа Криови Роги Николаеви рнапхгаҩцәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟынтә Украина ахырхарҭала аракетақәа ишьҭын.