Виола фон Крамон – Ҳара аӡәы аибашьра идаҳцаларц азакәӡам Қырҭтәылаҟа ҳзааиз, ҳара шәтәыла амҩа иаша ишану аабар ҳҭахуп
«Ҳара, Европарламент алахәылацәа раҳасабала, шәтәыла аҩызцәа ҳреиуп, Евроеидгыла азааигәахара зҭаху шәуааҧсыра ҳрыдгылоит. Ҳара уи ҳақәшаҳаҭуп, аха, иҟаҵатәу жәдыруеит, ҳара ҳазынтәгьы шәтәыла аинвестициа ду алаҳҵеит, хаҭалатәи, аполитикатәи, афинанстәи инвестициақәа, урҭ алҵшәа шырхылҵыз аабар ҳҭахуп», — илҳәеит визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Европарламент аделегациа алахәыла Виола фон Крамон.
Лара лажәақәа рыла, мшаҧы 19 рзы Шарль Мишель ицәыригаз адокумент аиҿцәажәаратә аишәа иқәуп, уи ҳаҧхьаҟа Евроеидгнылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ирныҧшуеит.
«Ҳара, Европарламент, институциак ҳасабала, зегьы раасҭа ҳшәыдгылоуп ҳәа сгәы иаанагоит. ҳара аӡәы аибашьра идаҳцаларц азакәӡам Қырҭтәылаҟа ҳзааиз, ҳара шәтәыла амҩа иаша ишану аабар ҳҭахуп», — илҳәеит Виола фон Крамон.