Аҩганк ицәоу аполитикатә хәмарра мҩаԥнагоит, – илҩит европарламент алахәыла Виола фон Крамон Шарль Мишель ибжьаҟазарала аганқәа ирыбжьарҵаз еиқәшаҳаҭра иазкны.
Виола фон Крамно лажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәа рышьҭахь, Давид Залкалиани “Еврақтив” аинтервиу ирччагоуп.
“Ақырҭуа гәахәтәы” иаартны аанацҳаит Евроеидгылаҟны ирыбжьарҵаз мшаԥы 19-тәи еиқәшаҳаҭра шаԥнахуа. Адәныҟатәи аусқәа рминистр аинтервиу аҿы иҳәоит, Қырҭтәыла 2020 шықәса рышьҭахь “Мрагыларатә партниорра” аперспектива аҭахуп ҳәа. Идуӡӡоу аоппозициатә партиа “Амилаҭтә ҵысра” Евроеидгылаҟны ирыбжьарҵаз еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҭахымхеит. Аҩ ганк ицәоу аполитикатә хәмарра мҩаԥнагоит, абри ауп исҳәар исылшо,” – илҩит Твитер аҿы Виола фон Крамон.