Викториа Нуланд - "Северныи поток 2" аԥсы ҭам, амшын аҵан ишьҭоу аметалл ауп
Викториа Нуланд - "Северныи поток 2" аԥсы ҭам, амшын аҵан ишьҭоу аметалл ауп

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд ишаалыцҳаз, “Северныи поток 2” аԥсы ҭам, амшын аҵан ишьҭоу аметалл ауп.

“Сгәы шаанаго ала, Северныи поток 2″ аԥсы ҭам. Ахаан уи нагӡахап ҳәа сгәы иаанагом,” – илҳәеи Нуланд асенат жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы данықәгылоз.

Нуланд лажәақәа рыла, ЕАШ-и апартниорцәеи аенергоресурсқәа аглобалтә аикәшара ԥырхага аԥырҟәҟәаара аус адырулоит, Урыстәыла аенергохырхарҭа бџьарс рхы иадмырхәарц азы.