Виктор Орбан – Евроеидгылашҟа Украина алалара алацәажәара алагара иахәҭам, избанзар,  уи иахылҵуа ҳаздырӡом,  сара зны,  астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра адкылара еиҕьасшьоит
Виктор Орбан – Евроеидгылашҟа Украина алалара алацәажәара алагара иахәҭам, избанзар,  уи иахылҵуа ҳаздырӡом,  сара зны,  астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра адкылара еиҕьасшьоит

Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан игәаанагарала, уажәтәи аетапаз Евроеидгылашҟа Украина алалара Венгриа амилаҭтә интересқәа ирышьашәалам,  Евроеидгыла Украина аднагалароуп астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра.

«Евроактив» ишану ала, Венгриа аҧыза-министр ари аҳәамҭа ҟаиҵеит венгриатәи арадио аинтервиу анеиҭоз.

«Евроеидгылашҟа Украина алалара алацәажәара алагара иахәҭам, избанзар,  араҟа азҵаара цәырҵуеит, Украина Евроеидгыла иалалар, уи алҵшәас иахылҵуеи? Ҳара ари азҵааразы аҭак ҳамам. Сара, зны, астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра еиҕьасшьоит. Уи хәышықәса ма жәашықәса аҭаххар ҟалап. Аусеицура алагаразы аамҭа ҳашәҭ», — иҳәеит  Орбан.

Иара убас,  Венгриа аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  Будапешт Украиназы  афинанстәи арратәи цхыраара ацҵара  амзызла Евроеидгыла абиуџьет  аизырҳара иақәшаҳаҭхом.  Орбан игәаанагарала, Евроеидгыла иалоу атәылақәа Украина иацхраароуп  рмилаҭтә биуџьетқәа рҟынтә рхатә ҧарала, мамзаргьы хазы афонд еиҿыркаароуп.