Виктор Орбан – Евроеидгыла ахатә аханаттәи амиссиақәа  -  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи зынанамгӡозар,  ари аидгыла аҟазаара ҵакыс иамои?
Виктор Орбан – Евроеидгыла ахатә аханаттәи амиссиақәа  -  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи зынанамгӡозар,  ари аидгыла аҟазаара ҵакыс иамои?

Евроеидгыла ахатә аханаттәи амиссиақәа  –  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи зынанамгӡозар,  ари аидгыла аҟазаара ҵакыс иамои? , – иҳәеит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан.

Орбан иҳәамҭала, Евроеидгыла Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәа аҧыхтәуп.

Иара иажәақәа рыла, асанкциақәа рымшала Венгриа арецессиа духеит.

«Европатәи аусеицура ҳаамҭазтәи аформа ҩ-хықәкык аман  —  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи. Евроеидгыла абарҭ ахатә аханатәтәи миссиақәа зынанамгӡозар, уи аҟазаара ҵакыс иамои?», — иҳәеит  Орбан.

Венгриа аҧыза-министр Евроеидгылахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина аибашьра аҵыхәҧҵәара амзызла,  Украина ацхраара аҟәыҵра  азҵаара иахәаҧшырц.