Виктор Долиӡе – Қырҭтәыла,  арегион аҿгьы, евроатлантикатә ганахьалагьы  НАТО ахы  ихадоу, иазааигәоу, акыр зҵазкуа шьаҟаны иҟан, иагьаанхоит
Виктор Долиӡе – Қырҭтәыла,  арегион аҿгьы, евроатлантикатә ганахьалагьы  НАТО ахы  ихадоу, иазааигәоу, акыр зҵазкуа шьаҟаны иҟан, иагьаанхоит

“Қырҭтәыла асаммитқәа рпрограмма аҿы иҳараку аҭыԥ ааннакылоит, жәаҳәарада, ҳара ари алшара ҳхы иаҳархәоит, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иколлегацәеи, аминистрцәеи, иара убас НАТО иреиҳаӡоу жәларбжьаратәи амаҵзура  ахаҭарнакцәеи рԥылара алшара иоуит», – иҳәеит НАТО иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡе .

Долиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла НАТО зегь реиҳа иазааигәоу, акрызҵазкуа адгылаҩс иҟан, иагьаанхоит.

“Иацы ҳрегионаҿ НАТО ахаҭарнак ҷыда  Хавиер Коломина ҳаиԥылеит, уаҟа атемақәа зегьы ҳрылацәажәеит, ҳхыхьчаратә потенциал аизырҳара, ари алшара ахархәара,  аҿиара, SNGP (Suitable Needs Package) ҳәа изышьҭоу, ҷыдала Қырҭтәылазы еиқәыршәоу  апрограмма уҳәа, зҵакы дуу азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит.  Иара убас,  аполитикатә контекст ҳалацәажәеит, ԥхьаҟатәи ҳалахәхара аганахьала еиуеиԥшым атемақәа ҳрылацәажәеит. Қырҭтәыла,  арегион аҿгьы, евроатлантикатә ганахьалагьы  НАТО ахы  ихадоу, иазааигәоу, акыр зҵазкуа шьаҟаны иҟан, иагьаанхоит.   НАТО алахәылацәагьы ақырҭуаагьы уи ибзианы ирдыруеит. Ари апроцесс ԥхьаҟагьы иацҵахоит. Ишышәдыруа еиԥш, иахьа Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Блинкен уаххьа ду мҩаԥигоит, уаҟа арегионалтә партнерра алахәылацәа зегьы еизоит. Уаххьаҿы аминистр   адунеизегьтәи ашәарҭарақәа ирызкны  апартниорцәа драцәажәар илшоит, иара убасгьы ганрацәалатәии ҩ-ганктәи аусеицура аганахьала анаҩстәи ашьаҿақәа иазҧхьагәарҭоит, — иҳәеит Долиӡе.