Виктор Долиӡе - Иахьа Қырҭтәыла, раԥхьаӡа акәны, "Раммштаин иформат" иалахәп, ари аиԥылараҿ Украина ахыхьчаралшара арӷәӷәара азҵаара иахәаԥшуеит
Нато иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡе ишааицҳаз, иахьа Қырҭтәыла, раԥхьаӡаакәны, “Раммштаин иформат” иалахәуп, ари аиԥылараӡ Украина ахыхьчаралшара арӷәӷәара азҵаара иахәаԥшуеит.
Долиӡе иажәақәа рыла, аформат ихы алаирхәоит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.
“Џьуаншер Бурҷулаӡе “Раммштаин иформат” ихы алаирхәоит. Ари америкаа Украиназы ишьаҭаркыз аконтракттә гәыԥ ауп. Иахьа Қырҭтәыла, раԥхьаӡа акәны, ари аформат иалахәп, ари аиԥылараҿ Украина ахыхьчаралшара арӷәӷәара, абџьар аҭара, уҳәа уб. егь. азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит. Ари аҭоурыхтә хҭысуп,“– иҳәеит Долиӡе.