Виктор Долидзе - Ааи, Қырҭтәыла НАТО алахәызаара ахәҭоуп, атәыла уи иазыхиоуп, аха, уи шыҟало - НАТО аӡбара иҳнарбоит  
Виктор Долидзе - Ааи, Қырҭтәыла НАТО алахәызаара ахәҭоуп, атәыла уи иазыхиоуп, аха, уи шыҟало - НАТО аӡбара иҳнарбоит  

«Уажәы зҵакы дуу аамҭа ҳҭагылоуп, ашықәс анҵәамҭоуп, ҳара иҳаҩсыз ашықәс азы имҩаҧгаз аусура аихшьаала азаауит.  Вашингтон имҩаҧысраны иҟоу асаммит ирацәаны ҳалацәажәоит, избанзар, алианс алаларазы адгылара ҕәҕәа ҳаур ҳҭахуп, апрактикатә цхыраарагьы ҳҭахуп», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Виктор Долиӡе Бриуссель, уаҟа Қырҭтәыла апарламенттә делегациа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ Мирчеи Џьоане иҧылеит.

Долиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла НАТО алахәызаара ахәҭоуп.

«Арегионаҿгьы адунеиаҿгьы аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, ҳара иаҳа адгылара ҳҭахуп. Қырҭтәыла НАТО алахәызаара ахәҭоуп, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳақәшаҳаҭуп.  Уи шыҟало, Қырҭтәыла аҧеиҧшс иаиуа  —  НАТО аӡбара иахьыҧшуп. Уи иахьа, уаҵәы, ма хышықәса рышьҭахь иҟалоит ҳәа ҳҳәом, ҳара, арыцхәқәа ҳрылацәажәом. Ари апроцессаҿ иарбан механизму рхы иадырхәо, уигьы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла алианс алалара иазыхиоуп. Уажәшьҭа НАТО алахәылацәа роуп аӡбара здызкылаша. Вашингтонтәи асаммитаҿ абри аҩыза адгылара ҳауп ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Виктор Долиӡе.