Важа Сираӡе Қарҭтәи аполициа аҟәша анаԥхгаҩыс дҟаҵоуп

Важа Сираӡе Қарҭтәи аполициа аҟәша адиректорс дҟаҵоуп, – иануп АҩАР аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Важа Сираӡе уаанӡа Апатрультә патрультә ҟәша напхгара азиуан.

Сираӡе ари аҭыԥ  ааникылеит Қарҭтәи аполициа аҟәша аиҳабы Лаша Гогниашвили ицынхәрас.

Қарҭтәи аполициа аҟәша ԥасатәи аиҳабы Лаша Гогниашвили Кахеҭтәи аполициа аҟәша адиректорс дҟаҵоуп.

Важа Сираӡе ицынхәрас Қарҭтәи аполициа аҟәша адиректор ихаҭыԥуаҩ Леван Маисураӡе Апатрультә полициа аҟәша адиректорс дҟаҵоуп.

Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ акадртә еиҭакрақәа мҩаԥган.