Вахтанг Гомелури - Аполициа аусуҩцәа рықәлара аҳәынҭқарратә институт ақәлара ауп иаанаго, ари аҭыԥ амамзароуп
Вахтанг Гомелури - Аполициа аусуҩцәа рықәлара аҳәынҭқарратә институт ақәлара ауп иаанаго, ари аҭыԥ амамзароуп

Атылауааи азаканхьчаҩцәеи реиҿагылара угәы иахәаша ланарԥшырамызт, – иҳәеит Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистр  Вахтанг Гомелаури апарламент аҿы данықәгылоз.

Аминистр иажәақәа рыла, аполициа аусуҩцәа амитинг аиҿкааҩцәа рахь ааԥхьара ҟарҵон аҭынчра рыхьчарц, аха мчқәак хықәыс ирыман аҭагылазаашьа аескалациа.

«Аполициа аусуҩцәа амитинг аиҿкааҩцәа рахь ааԥхьара ҟарҵон аҭынчра рыхьчарц, аха мчқәак хықәыс ирыман аҭагылазаашьа аескалациа, уи азы ирылшоз зегь ҟарҵон. Атылауааи азаканхьчаҩцәеи реиҿагылара угәы иахәаша ланарԥшырамызт. Аполициа аусуҩцәа рықәлара аҳәынҭқарратә институт ақәлара ауп иаанаго, ари аҭыԥ амамзароуп», — иҳәеит Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистр.