Вахтанг Гомелаури - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу проблемас иаанхоит
Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу проблемас иаанхоит, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара маҵзура анапхгаҩы Вахтанг Гомелаури апарламент аҿы шықәсыктәи аҳасабрба анцәыригоз.
Иара иажәақәа рыла, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рмилитаризациа апроцесс иахьагьы инагӡоит, уаҟа ақырҭуаа рзинқәа еиларгоит, урҭ рхы иақәиҭны аиҭаҵра рылшом.
„2018 шықәсазы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рзы Урыстәыла азнеишьа аҽамҧсахит, урҭ иахьагьы иформалым аннексиа аполитика мҩаҧыргоит. Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟны имҩаҧысуа аполитикатәи асоциал економикатәи процессқәа ирхылаҧшуеит ампыҵахалатә мчқәа. Иара убас, уаҟа акриминалтә ҭагылазаашьагьы цәгьоуп. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу проблемас иаанхоит“, – иҳәеит Вахтанг Гомелаури.