Васил Маҕлаҧериӡе  - Иахьа ахыбра аартра мацара акәӡам ҳзықәгәырҕьо, ахыбра аазыртыз аҿар Мравалжамиер аҳәареи, ақырҭуа гәырҵҟәыл арҿиареи, ақырҭуа аус аҟаҵареи алшара роуеит  
Васил Маҕлаҧериӡе  - Иахьа ахыбра аартра мацара акәӡам ҳзықәгәырҕьо, ахыбра аазыртыз аҿар Мравалжамиер аҳәареи, ақырҭуа гәырҵҟәыл арҿиареи, ақырҭуа аус аҟаҵареи алшара роуеит  

Иахьа ахыбра аартра мацара акәӡам ҳзықәгәырҕьо, ахыбра аазыртыз аҿар Мравалжамиер аҳәареи, ақырҭуа гәырҵҟәыл арҿиареи, ақырҭуа аус аҟаҵареи алшара роуеит, – иҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маҕлаҧериӡе Политковскаиа лымҩаҿ Қырҭтәыла Актәи аканал ахыбра ҿыц аартра ацеремониаҿ данықәгылоз.

Маҕлаҧериӡе ишиҳәаз ала, Костава имҩаҿ иҟаз ахыбра ахатә епоха аҳәарақәа ирышьашәалан, гәыкала аҧсадгьыл амаҵ ауан, аха, ахыбра ҿыц ҳаамҭазтәи аепоха ҳаамҭазтәи аепоза аҳәарақәа ирышьашәалоуп.

„Мшыбзиақәа, ҳаҭыр зқәу асасцәа. Актәи аканал ҳтәылаҿ иҟоу ателееилахәырақәеи арадио зегьы рханы игылоуп. Акыршықәса рыҩныҵҟа ари аканал ақырҭуа культура ӡырызго аканал хадоуп. Актәи аканал иадҳәалоу  абиҧарақәа зегьы рхаҭарнакцәа  иахьатәи амш рыдысныҳәаланы, гәыкала ирасҳәар сҭахуп Актәи аканал згәыдурала ишрызныҟәо. Актәи аканал ақырҭуа культуреи аҵарадырреи уҳәа, ақырҭуа феномен иаҧызҵоз ахырхарҭақәа зегьы рӡыргара иазкын. Ауаажәларратә дырраҭара Ахьтәы фонд амилаҭтә ҭынха иузалымхуа хәҭоуп, аха, убри аамҭазы, ари афонд еиҧҟьарада ирҿыцтәуп, ихарҭәаатәуп.  Қырҭтәыла еиҧшу атәыла хәыҷы ҳаналацәажәо, акоммерциатә интерессқәа мацара узрықәгәыҕуам, убри азоуп Ауаажәларратә дырраҭара зыҟоу. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳканал аусура ацәыуадаҩхеит, аҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа ицәгьахон. Ауааҧсыра рыхәҭак ҳканалахь анигилизм ацәанырра рыман, уи ҳусуҩцәа ргәалаҟазаарагьы ианыҧшит.

Ахатә ауал аҵыхәанӡа  изшәаз  ажәытә хыбра ԥхасҭахеит, атехникатә база, акамерақәа, арлашара, аиқәыршәагақәа, астудиақәа уҳәа,  зегьы  иажәхьан. Аканал ашьҭахьҟа иаанхо иалагеит. Аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҧсахтәын.  Ахыбра ҿыц аргылареи аибыҭареи аплан еиқәдыршәеит, аха уи назыгӡоз аӡәгьы дыҟамызт, избан акәзар, иашьашәалоу аинстанциақәа рҿы аплан анагӡашьа амам ҳәа ирыԥхьаӡеит. Иҟаҳҵаша ҳзымдыруа ҳаанхеит,  агәыҕра зегьы ҳцәыӡит. Уажәы ишәасҳәо раҧхьаӡа акәны аргама исҳәоит,  уи ҧшьҩык  адиректорцәа мацароуп  издыруа   – Ҭинаҭин Берӡенишвилии,  Гьаргь Гвимраӡеи,  Нодар Ҷиҷинаӡеи,  сареи. Абри ауп ишәасҳәар исҭаху,  агәыҕрақәа зегьы ианаҳцәыӡ,  анапхгаратә партиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Биӡина Иванишвили ҳидҵаалт. Иара даҳзыӡырҩын,  аплан дахәаҧшны,  хәыҷык иҳаҧсахыр иҳабжьигеит,  анеҩс,  хара имгакәа, апроект анагӡара ҳалагеит. Сҩызцәагьы ишьақәдырҕәҕар рылшоит Биӡина Иванишвили иакәымзҭгьы ҳплан анагӡара шамоуаз. Ари ахыбра хаҭала иара ицхыраарала иргылан,  уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит.  Ари апроцессаҿ  иҳацхрааз  ауаа зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит.  Акгьы ҳзыҟаҵом ҳәа згәы иаанагоз ауаа рацәан,  уи ргәы иаахәарын. Даргьы ҭабуп ҳәа расҳәоит,  избанзар,  даргьы агәызҭаҵага ҳарҭеит. Ҭинаҭин Берӡенишвили ҭабуп ҳәа ласҳәоит,   лара ааҧсарак лымамкәа,  ари аус қәҿиарала аҵыхәанӡа иналыгӡеит. Абри ахыбра ҧшӡа апроект ҟазҵазгьы изыргылазгьы ақырҭуа архитекторцәеи аргылаҩцәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Иахьа ахыбра аартра мацара акәӡам ҳзықәгәырҕьо, ахыбра аазыртыз аҿар Мравалжамиер аҳәареи, ақырҭуа гәырҵҟәыл арҿиареи, ақырҭуа аус аҟаҵареи алшара роуеит.

Костава имҩаҿ иҟаз ахыбра ахатә епоха аҳәарақәа ирышьашәалан, гәыкала аҧсадгьыл амаҵ ауан, аха, ахыбра ҿыц ҳаамҭазтәи аепоха ҳаамҭазтәи аепоза аҳәарақәа ирышьашәалоуп.

Шәара шәеиҳара иахьа раҧхьаӡа акәны ари ахыбра шәаҭааит. Убри аҟынтә, абра иҟоу асасцәа рҟынтә аӡәы далыскаар сҭахуп, иара ахыбра аргылара анымҩаҧысуазгьы изныкымкәа абрахь дааны, аусурақәа шымҩаҧысуаз дахәаҧшуан. Усҟан иара аҧыза-министр дыҟамызт. Ҳаҭыр зқәу Иракли Кобахиӡе жәақәак ҳаиҳәарц сиҳәоит“, – иҳәеит Васил Маҕлаҧериӡе.