Варлам Голеҭиани иҳәамҭала, аҳәарақәа рынагӡаразы дара аиҳабыра ирырҭаз аҿҳәара иахьа инҵәоит
Варлам Голеҭиани иҳәамҭала, рыҳәарақәа рынагӡаразы дара аиҳабыра ирырҭаз аҿҳәара иахьа инҵәоит
Намахвантәи ГЕС аргылара иаҿагылоу акциа аиҿкааҩ Варлам Голеҭиани иҳәамҭала, рыҳәарақәа рынагӡаразы дара аиҳабыра ирырҭаз аҿҳәара иахьа инҵәоит.
Иара ишиҳәаз ала, аиҳабыра рыҳәарақәа нарымгӡар, зымҽхак дуу акциақәа рымҩаҧгара иалагоит.
«Иахьа амш анҵәамҭанӡа аҭак ҳарҭароуп. Иахьа аҭак ҳмоур, ирзықәҳаргылаз аҳәарақәа нарымгӡар, зымҽхак дуу акциақәа рымҩаҧгара ҳалагоит. Амҩа аадыртыр, аиҭаҵра азин ҳарҭар, аргыларатә усурақәа ааныркылар, адиалог ҳақәшаҳаҭхоит», — иҳәеит Варлам Голеҭани.