Варкеҭили апарк ҿыц зеиԥшрахо [афото]
Варкеҭили апарк ҿыц зеиԥшрахо [афото]

Варкеҭили апарк аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа алагоит. Ари атәы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе иахьа имҩаԥгаз аҳҭнықалақь аиҳабыра реилатәара аҿы.

Калаӡе иажәақәа рыла апарк аҵакырадгьыл 3 га иаҟароуп.

Варкеҭили апарк ҿыц ареабилитациатә усурақәа 2021 шықәса жбҭааразы ихыркәшахоит.