USAID-и Аҵара аминистрреи апроект ҿыц анагӡара еицалагоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵара асистема 14 миллион лари аиуеит
Америка Аҿиара агентреи (USAID) Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрреи апроект ҿыц анагӡара еицалагоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵара асистема 14 миллион лари аиуеит.
Аҵара аминистрра адыррала, апроект — «Аҵара Қырҭтәыла аҧеиҧш азы» аӡыргара далахәын Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари. Иара ауснагӡатә аҿы дықәгылан, Қырҭтәыла астратегиатә партниор – Америка аиҳабыра аҵара асектор аҿиара ацхрааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ҳареи ҳстратегиатә партниор, Америкеи еицынаҳагӡо апроектқәа зегьы ҳара ҳзы аҵакы ду рымоуп.
Ҳаиҳабыреи ҳминистрреи рзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп азеиҧш аҵара ареформа, иахьатәи апроектгьы ари ахырхарҭала иҳацхрааша ашьаҿа дууп.
Ари апроект хара имгакәа аминистрра имҩаҧгараны иҟоу ареформақәа зегьы ирышьашәалоуп. Уи абзоурала, ҳхәыҷқәа аҵара бзиа аиура алшара роуеит, ҳара аинфраструктура аиҕьтәреи арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхреи ҳалшоит“, – иҳәеит Амилахвари.