Тунис агаҿа ааигәара амигрантцәа иахьҭатәаз ҩшьхәак иӡааҟәрылеит, иҭахеит 29-ҩык африкатәи амигрантцәа
Тунис агаҿа ааигәара амигрантцәа иахьҭатәаз ҩшьхәак иӡааҟәрылеит, иҭахеит 29-ҩык африкатәи амигрантцәа

Тунис агаҿа ааигәара иҭахеит 29-ҩык африкатәи амигрантцәа.

“Роитер” аинформациа ала, агаҿа ааигәара амигрантцәа иахьҭатәаз ҩшьхәак иӡааҟәрылеит. Ҭунистәи аҟәарахьчаҩцәа 11-ҩык реиқәырхара рылшеит.

Аҵыхәтәантәи ԥшьымш ирылагӡаны, Тунис аҟәарахьчаратә маҵзура 80 шьхәак рҟынтә 3000-ҩык амигрантцәа ааннакылеит, урҭ Италиахь рхы рхан.

Амигрантцәа реиҳараҩык Сахара аладахьала иҟоу африкатәи атәылақәа ртәылауаа роуп. ЕАР аинформациа ала, сынтәа Тунис аҟынтә Италиа иаҭа́аит 12 000-ҩык иреиҳаны амигрантцәа.