Тҟибули ахада - Адгьылҳәазаратә процессқәа рымшала макьана аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара ҟалом, агеологцәа еиҧҟьарада аус руеит, апроцессқәа ҭырҵаауеит, амуниципалитет аҭагылазаашьа ҷыда арежимаҿ аус ауеит
Тҟибули ахада Давиҭ Кублашвили аусуратә аилатәара мҩаҧигеит.
Аилатәараҿы Тҟибули ахада аструктуратә аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи русзуҩцәеи Курсеби ақыҭан, аҧсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа иазкны инарҭбаау аинформациа рыҭаны, азарал зауз ауаа рыцхрааразы иҟаҵатәу далацәажәеит.
«Адгьылҳәазаратә процессқәа рымшала макьана аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара ҟалом, агеологцәа еиҧҟьарада аус руеит, апроцессқәа ҭырҵаауеит, амуниципалитет аҭагылазаашьа ҷыда арежимаҿ аус ауеит. Шәара шәызынтәгьы аҭакҧхықәра ду аарҧшны, ишәылшо ала, азарал зауз ауаа шәрыцхраароуп», — иҳәеит Давиҭ Кублашвили.
Тҟибули ахада ишазгәеиҭаз ала, адгьылҳәазара амшала азарал зауз 45 ҭаацәарақәа уажәгьы Тҟибулии Қәҭешьии асасааирҭақәа ирыҩноуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аштаб уахгьы-ҽынгьы аус ауеит.