Ҭамар Иоселиани – Анаклиатәи абаҕәаза еффективла аҿиареи ақәҿиарақәеи ииашаны еиқәыршәоу аплан ихада иахьыҧшуп

12:59, 19.07.2026

“Анаклиатәи абаҕәаза еффективла аҿиареи ақәҿиарақәеи ииашаны еиқәыршәоу аплан ихада иахьыҧшуп”, — илҳәеит Нидерланды аҳраҿы аофициалтә визитла иҟоу аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ  Ҭамар Иоселиани.

Лара лажәақәа рыла, аплан хада арҿыцра иазкыз зҵакы дуу аиҧыларақәа мҩаҧган.

Аминистр лхаҭыҧуаҩ жәларбжьаратә еилахәыра   Port Consultants Rotterdam ахаҭарнакцәа дырҧылан, аганқәа Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза аҿиара  аплан хада альтернативтә вариант иалацәажәеит.

Иара убас аусуратә визитла Нидерланды иҟан Амшынтә транспорт азы агентра адиректор Иуане Абашиӡеи Анаклиа амшынтә баҕәаза адиаректор Зураб Сиҷинавеи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра. 

Еиԥшу