Цотне Иванишвили – Сықәлацәа рыгәҭа адиалог иаҳа иҭбаазар даараӡа сеигәырҕьон, аконструктивтә диалог аиашара мацара акәымкәа, акзаарагьы иахылҵуеит
Цотне Иванишвили – Сықәлацәа рыгәҭа адиалог иаҳа иҭбаазар даараӡа сеигәырҕьон, аконструктивтә диалог аиашара мацара акәымкәа, акзаарагьы иахылҵуеит

««Ақырҭуа гәахәтәы» аҿартә аиҿкаара дахагылеит ақәҿиарақәеи амотивациеи змоу ауаҩы, сара уи даараӡа сеигәырҕьеит», – иҳәеит  Цотне Иванишвили.

Цотне Иванишвили   «Ақырҭуа гәахәтәы» аҿартә аиҿкаара аизараду аҿы дыҟан асас дахь иаҳасабала.

Иара иажәақәа рыла, аусура абзиабареи, агәырҵҟәыли иҳаракны рыхә шьазароуп.

«Раҧхьа иргыланы,  Варлам Липартелиани идысныҳәалар сҭахуп. «Ақырҭуа гәахәтәы» аҿартә аиҿкаара дахагылеит ақәҿиарақәеи амотивациеи змоу ауаҩы, сара уи даараӡа сеигәырҕьеит. Ақырҭуаа агәырҵҟәыл ду рылоуп. Аҿар рыгәҭа аҵареи, аусура абзиабареи, агәырҵҟәыли, аҧеиҧш бзиа аиқәыршәара агәазыҳәареи иҳаракны рыхә шьазароуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Сықәлацәа рыгәҭа адиалог иаҳа иҭбаазар даараӡа сеигәырҕьон, аконструктивтә диалог аиашара мацара акәымкәа, акзаарагьы ахылҵуеит. Сыкәша-мыкәша амотивациа ду змоу, ирацәаны аус зуа аҿар рацәа збоит. Агәра ганы сыҟоуп рызынтәгьы рыҧсадгьыл бзиа ишырбо. Абри зегьы аҭакҧхықәра ду ацуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҳтәыла аиҷаҳара ҳалымшар, иаҳа еиҕьу аҧеиҧшгьы ҳзеиқәыршәом», – иҳәеит  Цотне Иванишвили, иара Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы иааиуа Ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит.