Страсбургтәи аӡбарҭа - Аԥсҭазааразы азин апроцедуратә аспект аилагара ҟалит, аха аԥсҭазааразы азин аспект еилагамзт
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа “Мачаликашвилии егьырҭи Қырҭтәыла” иаҿагыланы аус азы ақәҵара цәырнагеит.
Страсбургтәи аӡбарҭа апресс-релиз аҿы ишану ала, Аӡбаҩцәа рпалата еицҿакны шьақәнарӷәӷәеит, Ауаҩытәыҩса изинқәа (аԥсҭазааразы азин) рконвенциа аҩбатәи астатиа апроцедуратә аспект шеилагаз.
Аха, Аӡбаҩцәа рпалата 6 бжьыла шьақәнарӷәӷәеит, Ауаҩытәыҩса изинқәа (аԥсҭазааразы азин) рконвенциа аҩбатәи астатиа аспект еилагамыз ҳәа.
Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, иматериалтәым азарал азы Қырҭтәыла ашшыԥхьыӡ алазҵаз 10 000 евро, аӡбарҭатә процедурақәа рзы 15 000 евро азыршәароуп.
Апресс-релиз аҿы ишану ала, атыԥ аман Қырҭтәыла ашәарҭадаратә маҵзуа имҩаԥнагаз антитеррорсттә аоперациа. Аанкыларак ашьҭахь, Исламтәи аҳәынҭқарраҟны аимадара змаз аматериалтә адгылара агәыԥ иалаз Т.М. иуацәа руаӡәы, аанкылараан иоуз ахәрақәа рымзызла дыԥсит, иҟоу адыррақәа рыла, уи аграната аԥшәара иҽазикит.
Аӡбарҭа ақәҵара ианқәыршәаны, аҳәынҭқарра Аконвенциа аҩбатәи астатиа иазыԥхьагәаҭаз аусԥшаара мҩаԥнамгеит, аха Т.М. иԥсра аҳәынҭқарра аҭакԥхықәра ауп ҳәа ишьақәдырӷәӷәом.