Илиа Дарчиашвили еврокомиссар Диде Реиндерс диԥылеит
Илиа Дарчиашвили еврокомиссар Диде Реиндерс диԥылеит

Страсбург аусуратә визила иҟоу Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили аиашаӡбара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Диде Реиндерс диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәыла еврокомиссиа абжьгарақәа шынанагӡо иахцәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан атәыла азакәанԥҵаратә аинституциоатәи аҩаӡарақәа рҿы имҩаԥнагаз ареформақәа, иара убас аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәыла акандидат статус анашьара азҵаарагьы.

Аиԥылараҿ аганқәа наҟ-наҟтәи аусеицура арӷәӷәара шазыхиоу шьақәдырӷәӷәеит.

Илиа Дарчиашвили жьҭаара 3-4 рзы аусуратә визитла Страсбург дыҟоуп.