ЕАШ ахада Дональд Трамп ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткофф иахьа Москва даҭаауеит, – аанацҳаит CNN.
Аинформациатә хархәагақәа ბიფფჰსწფეფ ала, Уиткофф дицны Урыстәылаҟа даауеит Америка Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Џьаред Кушнергьы.
Америка ахаҭарнакцәа Урыстәыла ахада Владимир Путин ирԥылараны иҟоуп.
Иацы Флорида ақалақь аҿы ЕАШ-и Украинеи рделегациақәа реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. Америка Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио ишазгәеиҭаз ала, аиԥылара алҵшәа бзиа, ахәарҭа аман, аха иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп ҳәа.