Сосо Гогашвили хәышықәса аҭакра иқәырҵеит
Сосо Гогашвили хәышықәса аҭакра иқәырҵеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Сосо Гогашвили хәышықәса аҭакра иқәнаҵеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа Сосо Гогашвили ԥхынгәы 16 рзы дааныркылеит.

Уи Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 333-тәи ахәҭаҷ актәи аҳәҭеи, 157-тәи ахәҭаҷ аԥшьбатәи ахәҭеи, 236-тәи аҳәҭаҷ ахԥатәи ахәҭеи рыла ахара идырҵеит.