Сосо Гогашвили - Панкистәи аоперациа аан уаҟа сыҟамызт, исхарарҵо зегьы мцуп, хара имгакуа азҵаарақәа зегьы аҭак рысҭоит, апрокуратура азҵаарақәа аҭак рысҭоит
Панкистәи аоперациа аан уаҟа сыҟамызт, исхарарҵо зегьы мцуп, хара имгакуа азҵаарақәа зегьы аҭак рысҭоит, апрокуратура азҵаарақәа аҭак рысҭоит, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ҧасатәи актәи ихаҭыҧуаҩ Сосо Гогашвили Актәи аканал ажурналист даниацәажәоз.
„Акыраамҭа ҵуеит сара сахь ахарадҵарақәа саҳауеитжьҭеи. Сара аргама иаасыцҳар сҭахуп арҭ ахарадҵарақәа шиашам, сажәақәа зыршаҳаҭуа ашаҳаҭгақәагьы сымоуп. Сҿахәы сымырхааит. Сареи, аоперациа ҷыда аан уаҟа иҟаз ауааҧсыреи. Убри аҽны Қарҭ исыцыз ауааҧсырагьы рҿахәы рымырхааит. Уигьы шьақәдырҕәҕәоит убри аҽны Панкиси сшаҟамыз. Смаҵурауаа уаҟа рмаҵуратә ҧхықәрақәа нарыгӡон, иаҭаххазҭгьы саргьы снеиуан. Аха снеира аҭахымхеит, уаҟа апревенциатә уснагӡатәқәа мҩаҧысуан, аҭыҧантәи ауааҧсыра „Исламтәи аҳәынҭқарра“ иаламларц азыҳәан. Ҳара ҳусура Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабрба аҿгьы иазгәаҭоуп. Ауаа рмаҵзуратә ҧхықәрақәа нарыгӡон. Иҟалаз ҟалеит. хара имгакуа азҵаарақәа зегьы аҭак рысҭоит, апрокуратура азҵаарақәа аҭак рысҭоит, – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ҧасатәи актәи ихаҭыҧуаҩ Сосо Гогашвили.